Леван Иоселиани  Робин Даннигани Павел Герчинскии дырҧылеит
Леван Иоселиани  Робин Даннигани Павел Герчинскии дырҧылеит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани Қырҭәтыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган дылҧылеит.

Иҟоу адыррақәа, аиҧылараҿы Жәлар рыхьчаҩ аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аусушьеи, аусеилыргаразы аматериалқәа реизгареи  далацәажәеит. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа рыла имцхәны амч ахархәара афактқәа зегьы хымҧада ишеилыргатәу.

Иахьа Леван Иоселиани Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчинскигьы диҧылеит.

«Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи, ажәа ахақәиҭра аганахьала атәылаҿ иҟоу апроблемақәеи, иара уабс, акциақәа раан иаанкылаз ауаа рҭагылазаашьеи», — иануп Жәлар рыхьчаҩ иаппарат аинформациаҿы.