Аӡбарҭаҿы амчра ахҳәара амзызла ачарҳәара аус азы 6ҩык рҿахәы рымырхит
Аӡбарҭаҿы амчра ахҳәара амзызла ачарҳәара аус азы 6ҩык рҿахәы рымырхит

Амчра ахҳәара амзызла ачарҳәара аус азы имҩаҧысуа аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭтәи аӡбарҭаҿы фҩык рҿахәы рымырхит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусеилыргаҩцәа аҵысрақәа  «Зхы иақәиҭу азонеи»  «Иҧсах»-и алахәылаәа рҿахәы рымырхит аӡбаҩ-магистрат иҿаҧхьа.

Зҿахәы змырхыз ауааҧсыра аусеилыргара изакәызаалак шьаҭак аҵам ҳәа ирыҧхьаӡоит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адепартамент аҳәынҭқарратә мчра ахҳәара амзызла ачарҳәара афакт азы аусеилыргара мҩаҧнагоит.