Адунеи абанк ацхыраара ала, ақырҭуа хәышәтәырҭақәа  акоронавирус ачымазара змоу апациентцәа ирҭаху амедицинатә техника ала еиқәыршәан

Адунеи абанк апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиуит  1000 аҵәыҵәритә концентратқәеи,   аҧсыҧ лагаҩагаратә органқәа рвентилиациазы иаҭаху 500 амедицинатә аппаратақәеи,  400 ахәышәтәырҭатә аиарҭақәеи, СИПАП терапиазы иаҭаху еилаҧсоу аппаратқәеи.  Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи Адунеи абанк арегионалтә директори Қарҭтәи ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы медицинатә аибыҭара гәарҭеит.

Арегионалтә директор амедицинатә персонал ҭабуп ҳәа реиҳәеит акоронавирус аҿагыларазы.

«Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит авирус ҿызкааз ауааҧсыра излауа ала ирласны ачымазара иалҵырц азыҳәан.  Амедицинатә усзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Дара рыҧсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, ауаа реиқәырхара иаҿуп. Даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит, ашәарҭадара аҧҟарақәа шәрықәныҟәала, адистанциа шәыхьча, асабрадақәа ныҟәыжәгала», —  иҳәеит Себастиан Молинеус.