Қырҭтәылеи Адунеи абанки 2 еиқәшаҳаҭра ҿыцк рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Адунеи абанки 2 еиқәшаҳаҭра ҿыцк рыбжьарҵеит

Қырҭтәылеи Адунеи абанки  Кахеҭи атранспорттә аҳа аиҕьтәра иазку апроекти «Қырҭтәыла ауаҩытәыҩсатә капитал» апрограммеи аҧара рзоушьҭразы  2 еиқәшаҳаҭра ҿыцк рыбжьарҵеит. Апроект азы иазҧхьагәаҭоуп   97,7 миллион евро. Апрограммазы –  358 500 000 евро.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра аҟынтә.

Аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеуси.