Адгьылҵысра алҵшәақәа раҧыхра амзызла,  Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит гәыҧҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи
Адгьылҵысра алҵшәақәа раҧыхра амзызла,  Қырҭтәылантә Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит гәыҧҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идҵала, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иадҳәаланы,  аиқәырхаратә уснагӡатәқәа рҽалархәразы, Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит гәыҧҩык абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аинформациа ишану ала, ақырҭуа абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи анапхгара рзиуеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мҕебришвили.

Иахьа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Ҭырқәтәылатәи ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Сулеиман  Соилу адашшыларатә шәҟәы издәықәҵаны, аминистрра ахьӡала диашшылеит.