Адепутатцәа Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны аинформациа роуит  
Адепутатцәа Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны аинформациа роуит  

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Иракли  Чиқовании  Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы,  аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии апарламент алахәылацәа рыдыркылеит.

Адепутатцәа Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧысуа ареформақәа ирызкны аинформациа роуит. Аиҧылараҿы Ааҧхьара азҵаарақәа рзы амилаҭтә  агентра аусушьа иалацәажәеит. Атәылахьчара азакәанеидкыла инақәыршәаны,  2025 шықәса ажьырныҳәа инаркны,  арратә маҵзурахьы ааҧхьара зауа аҿар Атәылахьчаратә мчқәа мацараҿ амаҵзура иахысуеит.

Иара убас,  аиҧылараҿы,  арратә регистрациа асистема ҿыц иалацәажәеит.