Иракли Чиқовани  Италиа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Чиқовани  Италиа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр  Иракли Чиқовани  Қырҭтәыла иҟоу Италиа ацҳаражәҳәаҩ Массимилиано Д’Антуонои ихаҭыҧуаҩ  Фабиола Альбанезеи дырҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман. Чиқовани италиатәи аган ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи,  евроатлантикатә ҽазышәарақәеи рыдгыларазы.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура иалацәажәеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан зыҩаӡара ҳараку авизитқәеи жәларбжьаратәи арратә азыҟаҵарақәа рылахәызаареи аҵакы. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа  (SNGP) анагӡара апроцессаҿ Италиа иҟанаҵаз алагала ду. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара иазыхиоуп.