Иракли Чиқовани Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Чиқовани Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рҟны аибадырратә аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Атәылахьчара аминистрра адыррала,  Иракли Чиқовани,  аминистрраҿы,     Британиа Ду ацҳаражҳәаҩ  Марк Клеитон дидикылеит.

Аминистр астратегиатә партниор аҭабура изааирҧшит  Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи апрактикатә цхыраареи азыҳәан.

«Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа русеицураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәеи наҟ-наҟтәи аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа (SNGP) анагӡараҿы Британиа Ду иҟанаҵаз алагала ду», — иануп Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.