Аҽыҧхьакраҿы иҟоу алхыҩцәа, алхрақәа рылахәыларазы,  цәыббра  25 инаркны  27-нӡа Алхратә комиссиа хада иадҵаалароуп
Аҽыҧхьакраҿы иҟоу алхыҩцәа, алхрақәа рылахәыларазы,  цәыббра  25 инаркны  27-нӡа Алхратә комиссиа хада иадҵаалароуп

Аҽыҧхьакраҿы иҟоу алхыҩцәа, алхрақәа рылахәыларазы,  цәыббра  25 инаркны  27-нӡа Алхратә комиссиа хада иадҵаалароуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Алхратә комиссиа хада.

Аинформациа инақәыршәаны, аҽыҧхьакраҿы иҟоу алхыҩцәа, Алхратә комиссиа хада ашҟа аҳәара ҟарҵароуп аиагаратә аурна ала абжьыҭира алшара рзеиқәдыршәарц.  Алхыҩцәа акомиссиа иадҵаалароуп цәыббра  25 инаркны 27 иналаҧхьаӡаны, аномер  – 2 51 00 51 ала аҭел иасны.

Астационартә медицинатә усбарҭақәеи аҽыҧхьакреи аҿы иҟоу алхыҩцәа алхрақәа рҿы рылахәызаара еиқәдыршәоит агәыҧ ҷыдақәа, дара алхыҩцәа рымаҵ руеит асанитартә – гигиенатә нормқәа зегьы рыхьчареи ашәарҭадара агарантиа наӡеи ала.