Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр - Акоронавирус злаз зыԥсҭазаара иалаҵыз атәылауаа 98.96% алаҵа рзыҟаҵамызт
Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр Қырҭтәыла акоронавирус зцәа иалаз, авакцинациа ззыҟарымҵаз атәылауа рстатистика аланарҵәеит.
Ацентр аинформациа ала, Қырҭтәыла акоронавирус зцәа иалаз атәылауаа 95.92% алаҵа рзыҟаҵамызт, ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭаз атәылауаа 94.4% авакцинациа рхыҟаҵамызт, акоронавирус злаз зыԥсҭазаара иалаҵыз атәылауаа 98.96% алаҵа рзыҟаҵамызт.
Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 4565 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2285-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 78-ҩык.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 780391–ҩык, урҭ рҟынтә 711105-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 10 894-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 041209-ҩык, ҽнакала – 7800-ҩык.