Ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгаразы, акрыфаратә обиектқәа  10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан аҧкра аилагаразы аобиект дыркуеит  
Ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгаразы, акрыфаратә обиектқәа  10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан аҧкра аилагаразы аобиект дыркуеит  

Ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгаразы ахылаҧшра иаҳа иџьбарахоит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь Гибраӡе ишиҳәаз ала, раҧхьаӡа акәны абри апҟара аилагаразы аобиект 10 нызқь  лари ахараҧса ақәырҵоит, аҩынтәраан  аилагаразы аобиект дыркуеит.

«Акрыфаратә обиектқәа асааҭ  00:00 инаркны асааҭ  05:00нӡа аусура азин рымам, аҳәынҭқарра абри апҟара анагӡаразы ахылаҧшра арҕәҕәоит. Иара убас, ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгаразы, акрыфаратә обиектқәа  10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан аҧкра аилагаразы аобиект дыркуеит », — иҳәеит Гибраӡе.