Абылтәа ахә ацлара иаҿагыланы имҩаҧгаз апротесттә акциаҿы жәаҩык раҟара аанкылоуп
Абылтәа ахә ацлара иаҿагыланы имҩаҧгаз апротесттә акциаҿы жәаҩык раҟара аанкылоуп

Иахьа Қарҭ имҩаҧысуаз акциа алахәылацәа аҳҭнықалақь агәҭаны амҩа адыркит.

Қарҭ апатрультә полициа аусбарҭа хада аиҳабы Лаша Џьохаӡе акциа алахәылацәа амҩа аадыртырц дрыҳәеит. Азинхьчаҩцәа жәаҩык раҟара акциа алахәылацәа ааныркылан,  амҩа аадыртит.

Атәылауаа рҳәамҭала, атәылаҿы абылтәы ахә зеиҧшҟамлац ала ишьҭыҵит, убри аҟынтә, аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп. Лымкаала, акциа алахәылацәа акциз аҧыхра иаҳәоит, дара ражәақәа рыла, убри ала абылтәы ахә армаҷра рылшоит.