Аԥсны де-факто ахада иинфоцентр - Идырым шьоукы Аԥсуа телехәаԥшра рнапахьы иааргарц рҽазыршәеит
Ақәа, идырым шьоукы Аԥсуа телехәаԥшра рнапахьы иааргарц рҽазыршәеит, – импыҵахалоу Аԥсны де-факто ахада иинфоцентр, ателеканал анапхгара адырра шьаҭас иганы.
“Ирхьчо аҵакырахь аӡәгьы мнеирц азы ахьчаҩцәа урҭ ргәы рҽанырҵарц аҳауахь ахысра иалагар акәхеит. Уи иабзоураны аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рылшеит, аимак наҟ-наҟ имҿиаратәы иҟарҵеит”, — ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аинформациаҿ иишану ала, ахьчаҩцәа аҳауахь ахысра иалагар акәхеит.