Импыҵахалоу Аҧсны аиҳабыра рнапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Урыстәыла ахь аҳәара ҟаиҵеит ирҵаау афинанстә шәарақәа еиҭахацдыркырц
Асепаратисттә режим ахаҭарнак Валери Бганба иҟаиҵаз аҳәамҭала, Урыстәыла аиҳабыра ахада Михаил Мишустин иахь аҳәара ҟаиҵеит ҵәыббра 1 инаркны иаанкылоу асоциалтә шәарақәа еиҭахацдыркырц. Импыҵахалоу Аԥсны ахаҭарнак иажәақәа рыла, афинанстә цхыраара рырымҭар, аулафахәқәа ршәара рылшом.
“Сара Мишустин иахь ашәҟәы сышьҭит аулафахәи иааидкыланы асоциалтә шәарақәеи еиҭахацдыркырц”,— иҳәеит Бганба.
Урыстәыла 2024 шықәса цәыббрамза аахыс ашәарақәа рыхәҭак ааныркалеит, абҵарамза инаркны атәанчахәы ада асоциалтә шәарақәа зегьы аанкылоуп.
Иара убас аӡынразы Аԥсны Урыснтәылантә афымцамч акоммерциатә ахә шәаны аиуеит.