Импыҵахалоу Аԥсны афымцалашара аԥкра асааҭқәа еиҳахеит
Импыҵахалоу Аԥсны афымцалашара аԥкра асааҭқәа еиҳахеит

Импыҵахалоу Аԥсны афымцалашара аԥкра асааҭқәа еиҳахеит. Иахьарнахыс уахыки-ҽнаки рыла афымцалашара   6 сааҭк рыла идырҵәоит   – 4 сааҭк шьыбжьон, 2 сааҭк ҵхыбжьон.

„Урыстәылатәи афедерациа афымцалашара аиҷаҳара амзызла, ажьырныҳәа  9 инаркны, афымцалашарала аиқәыршәара аграфик ҿыц амч аиуеит. Ари ауснагӡатә хықәкыс иамоуп афымцалашара ахархәара аоптимизациа“, – иануп ампыҵахалатә режим аенергетикатә аилахәыра аҳәамҭаҿы.

Аҧсны де-факто анапхгара рыҳәарала, Аҧсны ауааҧсыра, агуманитартә цхыраара аҳасабала, Урыстәылантә афымцалашара роуеит ҧхынҷкәын 23 инаркны.