Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Шови аҭып змаз аԥсабаратә рыцҳара иазку аграфикатә материал аланарҵәеит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Шови аҭып змаз аԥсабаратә рыцҳара иазку аграфикатә материал аланарҵәеит.

Иара убас, азанааҭдырцәа раԥхьаӡатәи алкаақәа ҟарҵеит.

Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 18-ҩык рҟынӡа, 17-ҩык рыԥшаара иаҿуп.

Қырҭтәыла аҵакыраҿ нанҳәа 7 алахьеиқәҵаратә мшуп.