Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, аоперативтә аҧшааратә усура  мҩаҧганы,  Русҭави ақалақьаҿ дааныркылеит Интерпол ациркулиарла изышьҭаз
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, аоперативтә аҧшааратә усура  мҩаҧганы,  Русҭави ақалақьаҿ дааныркылеит Интерпол ациркулиарла изышьҭаз

«Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, аоперативтә аҧшааратә усура  мҩаҧганы,  Русҭави ақалақьаҿ дааныркылеит Интерпол ациркулиарла изышьҭаз, атеррористтә аиҿкаараҿы ҷыдала зҵакы дуу аусуразы аҭак зыҧхықәыз атәымуаҩы», — аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала,  2014 шықәсазы ари ауаҩы Ааигәатә Мрагыларашҟа ддәықәлан, уаҟа атеррористтә аиҿкаара «Исламтәи аҳәынҭқарра» далалеит.

Антитеррористтә центр адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы аибашьратә аҧышәа ду имоуп, арҭҟәацгақәа рзы зквалификациа ҳараку специалиступ. Иара атеррористтә аиҿкаараҿы ҷыдала зҵакы дуу аусуразы аҭак иҧхықәын.

Зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы дахьынхоз аҭыҧ аимдараан иаарҧшуп хаҭалатәи амаҭәартә ашаҳаҭгақәеи аинформациа зну аелектронтә хархәагақәеи.

Аусеилыргара мҩаҧнагоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Антитеррористтә центр.