Валери Залужныи иҳәамҭала, урыстәылатәи аракетақәа НАТО аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит
Валери Залужныи иҳәамҭала, урыстәылатәи аракетақәа НАТО аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит

Украина Аҳаиртә мчқәа рҧыза Валери Залужныи иҳәамҭала, урыстәылатәи аракетақәа НАТО аҳаиртә қәыҧшылара еиларгеит. Иара иажәақәа, иахьа шьыжьымҭан урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина ахырхарҭала идәықәырҵаз амҵәыжәҩатә ракетақәа  «Калибр» Молдовеи НАТО иалоу Румынтәылеи рҳаиртә қәыҧшылара иалалеит.

Залужныи иҳәамҭала, аракетақәа дәықәҵан Амшын еиқәа аҟынтәи.

Молдова Атәылахьчара аминистрра ишьақәнарҕәҕәеит Украина ахырхарҭала идәықәҵаз аракета атәыла аҳәаа ишахысыз.