"Вашингтон пост" - Украина аиҳабыра Вашингтон ахь адырра ҟанаҵеит Валери Залужныи имхра иазкны Володимир Зеленски идикылаз аӡбара атәы, ЕАШ ари иадымгылеит
"Вашингтон пост" - Украина аиҳабыра Вашингтон ахь адырра ҟанаҵеит Валери Залужныи имхра иазкны Володимир Зеленски идикылаз аӡбара атәы, ЕАШ ари иадымгылеит

Украина аиҳабыра Вашингтон ахь адырра ҟанаҵеит Украина ахада Володимир Зеленски арбџьармчқәа реиҳабы, аинрал Валери Залужныи имхра шиӡбаз, – аанацҳаит “Вашингтон пост”.

Америкатәи акьыԥхь аинформациала, Аҩны шкәакәа аофициалтә хаҭарнакцәа Залужныи имхра иадымгылеит, аха иаҿамгылеит, ари ашьаҿа Украина ахада исуверентә аӡбароуп ҳәа иазгәарҭеит.

“Вашингтон пост” аинформациала, Зеленски Залужныи имхразы аӡбара имԥсахыр ҟалоит.

Ажьырныҳәа 29 рзы Украина Рада адепутат Алексеи Гончаренко ишааицҳаз, Валери Залужныи европатәи тәылак аҿы ацҳаражәҳәаҩ иҭыԥ идыргалеит, аха уи ари дақәшаҳаҭымхеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Украина ахада апрессмаӡаныҟәгаҩ ари адырра ииашам ҳәа ааицҳаит. Акыԥхь “Економист” адыррала, Володимир Зеленски Валери Залужныи  ицынхәрас Украина арбџьармчқәа реиҳабыс Александр Сирски ма Кирилл Буданов  иқәиргылоит.