Дениел Фрид - Анемеццәа Урыстәыла аус ацура ҟалоит ҳәа ргәы иаанагон, аха, ишҩашьоз еилыркааит
Дениел Фрид - Анемеццәа Урыстәыла аус ацура ҟалоит ҳәа ргәы иаанагон, аха, ишҩашьоз еилыркааит

«Америка администрациеи европааи  акритика зырзыуа ибзианы еилыскаауеит. Германтәыла иуадаҩу  адебатқәа мҩаҧысуеит. Дара усҟак имцәажәакәа, иаҳа аус ҟарҵар еиҕьуп, аха, анемеццәа, уезгьы апрогресс ду рымоуп», — иҳәеит америкатә дипломат, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Дениел Фрид  «Қырҭтәыла арадио» аинтервиу анеиҭоз.

Фрид иажәақәа рыла,  анемеццәа Урыстәыла аус ацура ҟалоит ҳәа ргәы иаанагон, аха, ишҩашьоз еилыркааит.

Дениел Фрид иҳәамҭала, уажәы Германтәыла амҩа иаша иануп, избанзар анемеццәа Путин игәымбылџьбара рбоит, Украина иацхраар шырҭаху рҳәоит.

«Ҳара ҳазынтәгьы иаҳа ирацәаны иҟаҳҵар ҳалшон, аха, уезгьы, иҟаҳҵаз рацәоуп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп,  2022 шықәса жәабран 24-нӡа Америка анапхгара рхахьгьы ирзаагомызт  Украина урыстәылатәи ажәылара аҿагылра алшоит ҳәа.  Урыстәыла-украинатәи еибашьра  2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра еиҧшхоит ҳәа ҳгәы иаанагон. Усҟан Қырҭтәыла хәымш рыла иаҵахеит, аха, аурысцәа Қырҭтәыла ақәхра рылымшеит.  Ақырҭуа аруаа Қарҭ ахьчаразы ақәҧара иазыхиан.  Уи Путин ихьаҵра зыхҟьаз амзызқәа иреиуп. Сара уи ибзиаӡаны исгәалашәоит.  Украина Урыстәыла аанкылареи аибашьра алагамҭаз Урыстәыла импыҵанахалаз аҵакырадгьылқәа рыбжа архынҳәреи алшоит ҳәа ҳгәы иаанагомызт.  Убри аҟынтә, ари аҭагылазаашьа ҽакала ҳахәаҧшуа ҳалагеит, Украина иаҭатәу абџьар азы ҳгәаанагара ҳаҧсахит», — иҳәеит  Дениел Фрид.