Николоз Самхараӡе Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиашҟа ааҧхьара ҟаиҵеит Украина адгыларазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц
Николоз Самхараӡе Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиашҟа ааҧхьара ҟаиҵеит Украина адгыларазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵарц

Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩи Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩи Николоз Самхараӡе Вена имҩаҧысуаз Апарламенттә Ассамблеиа апленартә аилатәараҿы дықәгылеит.

Самхараӡе иҳәамҭала,  тәылак ашәарҭара иҭагылазар,  Европа зегьы ашәарҭара иҭагылоуп.

«Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа европатәи ашәарҭадара апринципқәа еиланагоит. Иахьа ҳара,  Европа агәҭаны,  мчыла аҳәаақәа рыҧсахра афакт аабеит.  Москва Қырҭтәылатәи арегионқәа раннекциа нанагӡоит,  уаҟа есымша апровокациақәа ҟарҵоит. Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала иааныркылоит. Аҿар аҵара алшара рырҭом,  ақырҭуа акультуратә ашьаҭа аныхра рҽазыркит,  абри зегьы Қырҭтәыла аҭоурыхтә ҭыҧқәа рымпыҵахалара ауп изхылҵыз. Украинатәи сколлега сиқәшаҳаҭуп,  абри аибашьра Украина мацара акәымкәа,  Қырҭтәылагьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы рхьыҧшымра ақәхра ауп изызку», — иҳәеит Николоз Самхараӡе аилатәараҿы данықәгылоз.