Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә лаҵаразы ишиашо еиԥырҟьам ареисқәа жәхырхарҭак рахь нагӡахоит
Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә лаҵаразы ишиашо еиԥырҟьам ареисқәа жәхырхарҭак рахь нагӡахоит

Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазантә лаҵаразы ишиашо еиԥырҟьам ареисқәа жәхырхарҭак рахь нагӡахоит. Wizz Air Давид Аӷмашенебели ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә лаҵаразы ишиашоу ареисқәа нангӡоит Ригеи, Дортмунди, Катовицеи, Гдански рахь, – ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аҟынтә.

Аинформациа аҿы ишану ала, аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, хәыҷы-хәыҷла еиҭашьақәгылахоит апандемиа иалагаанӡа иҟаз ареисқәа зегьы.

Мшаԥы 18 инаркны . Wizz Air Варшавеи Вильниуси рахь ареисқәа нанагӡеит. Аха атәылаҿ иҟоу аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, лаҵара 16 инаркны авиаеилахәыра Қәҭешьынтә Польша аҳҭнықалақь ахь мчыбжьык ала ҩынтә ареисқәа рынагӡара алагоит.