«Wizz Air» иахьатәи ареисқәа раҧыхра иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
«Wizz Air» иахьатәи ареисқәа раҧыхра иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Авиаеилахәыра «Wizz Air» иахьатәи ареисқәа раҧыхра иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Иахьа, лаҵара 30 рзы,  Қәҭешь-Барселонеи Барселона-Қәҭешьи ареисқәа аҧыхуп. Ареисқәа аҧыхуп аҳаирплан атехникатә проблема амшала.

Апассаџьырцәа зегьы аҭыҧаҿы зда ҧсыхәа иҟам ацхыраара роуит. Иара убас, апассаџьырцәа дара ирҭаху даҽа реиск азы рбилеҭқәа рыҧсахыр рылшоит», — иануп авиаеилахәыра адырраҿы.