Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала Қарҭттәии Баҭымтәии аҳаирбаҕәазақәа рҿы  20 иреиҳаны ареисқәа иаҧыхуп 
Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала Қарҭттәии Баҭымтәии аҳаирбаҕәазақәа рҿы  20 иреиҳаны ареисқәа иаҧыхуп 

Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа рымшала Қарҭттәии Баҭымтәии аҳаирбаҕәазақәа рҿы  20 иреиҳаны ареисқәа иаҧыхуп.

Зыӡбахәы ҳәоу аҳаирбаҕәазақҟәа анапхгара рзызуа аилахәыра  «ТАВ Џьорџьиа» адыррақәа рыла, зынӡа иаҧыхуп  21  ареисқәа, 17 – Қарҭтәи аҳаирбаҕәазантә, 4  реиск   — Баҭымынтә.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә иаҧыхуп:  Тель-Авивҟа быжь-реиск,  Шарџьаҟа 2 реиск,   Абу-Дабиҟа реиск,  Доҳаҟа 3 реиск, Кувеитҟа реиск.