Қәҭешьи Рими рыбжьара ишиашоу аҳауатә неиааира еиҭашьақәгылоуп
Қәҭешьи Рими рыбжьара ишиашоу аҳауатә неиааира еиҭашьақәгылоуп

Аҳаирбаӷәазақәа реидгыла аинформациа ала, хәыжәкыра 28 инаркны Қәҭешьи Рими рыбжьара ишиашоу аҳауатә неиааира еиҭашьақәгылахоит.

“Ареисқәа мчыбжьык азы знык лоуқост аилахәыра Wizz air нанагӡоит.

Қырҭтәыла атәылауаа рзы Италиа адәықәлара атуристтә хықәкқәа рзы ирылшахоит. Авизадатә режим азы иаҭаху адокументқәа рыда, Италиа ицо ауаҩы аҳәааҿ аформа ҷыда имазароуп(PLF) https://app.euplf.eu/#/,  аковидпаспорт, агәабзиаразы аформа ма антиген азы атест аҭак,” – иануп аинформациа аҿы.