Каха Калаӡе Рим ахада диԥылеит
Каха Калаӡе Рим ахада диԥылеит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе Рим ахада Роберто Гуалтиери диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа иазааҭгылеит Қырҭтәыла европатәи аҭаацәара иузеиҟәымҭхуа хәҭа шаҟәу, ақырҭуа жәлар европатәи аԥеиԥш шалырхыз. Қарҭ ахада Роберто Гуалтиери иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыле евроатлантикатәи амҩаҿ Италиа адгылара ахьаанарԥшыз. Калаӡеи Гуалтиерии Қарҭи Рими рыбжьара аусеицура арҭбаара азҵаара иахцәажәеит.

Қарҭ ахада Италиа аҳҭнықалақь ақәҿиарақәа аиезӷьаишьеит ацәыргақәҵа EXPO 2030 аԥшәыма-тәыла астатус аиура аус аҿы.

Рим ахада иколлега авизит азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.