Екатерина Тикараӡе  - Аҳәынҭқарра еиҧҟьарада аусура нанагӡоит ауааҧсыра авакцинақәа рыла реиқәыршәаразы
Екатерина Тикараӡе - Аҳәынҭқарра еиҧҟьарада аусура нанагӡоит ауааҧсыра авакцинақәа рыла реиқәыршәаразы

«Аминистрцәа рсааҭ» аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламент аҿы иқәгылаз Екатерина Тикараӡе авакцинациа апроцесс даналацәажәоз, ишылҳәаз ала, авакцинациа апроцесс арҭбааразы, аминистрра ковид-вакцинациа ацентрқәа рхыҧхьаӡара азнарҳауеит, урҭ рҿы авакцинациа апроцесс мҩаҧгахоит иреиҳаӡоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа зегьы рыла.

«Аҳәынҭқарра еиҧҟьаарада аусура нанагӡоит ауааҧсыра авакцинақәа рыла реиқәыршәаразы. Уажәазы  авакцина Pfizer иҵегьы миилион адозақәа анҳауа арыцхә аилкаара ҳаҿуп. Лаҵара анҵәамҭазы   AstraZeneca 86 000  адозақәеи Sinovac 100 000 адозақәеи ҳауеит.  Авакцинациа апроцесс арҭбааразы ковид-вакцинациа ацентрқәа рхыҧхьаӡара ацаҳҵоит,  уаҟа авакцинациа апроцесс мҩаҧгахоит  ашәарҭадара анормақәа зегьы рыхьчара ала. Зҵакы дуу даҽа ажәабжь ҿыцкгьы ҳамоуп. Хара имгакәа,  авакцинациа апроцесс рхы аладырхәоит авакцинациа афицар истатус змоу ауааҧсыра. Дара атәылауаа  авакцинациа иазкны аинформациа наӡа рыҭаны, апортал ҷыда аҿы арегистрациа ахысраҿы ирыцхраауеит», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.