Ҭырқәтәыла Реџьеп Таип Ердоҕан иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит
Ҭырқәтәыла Реџьеп Таип Ердоҕан иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит

Ҭырқәтәыла Реџьеп Таип Ердоҕан иинаугурациазы рҽазыҟарҵоит. Ердоҕан иҭоубашьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәоит  78 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә асас дахьқәа.

Аҭырқәа АИХ ринформациа инақәыршәаны, Анкара иҟоу апрезиденттә комплекс аҿы имҩаҧысуа ацеремониа рхы аладырхәоит 21 ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи, 13 ҳәынҭқаррақәа рҧыза-министрцәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи, аҭырқәа ҳәынҭқаррақәа реиҿкаарақәагьы инрылаҵаны, иара убас, НАТОи Исламтәи аусеицура аиҿкаареи ахаҭарнакцәеи.

Ердоҕан ҭоуба шьҭеиҵоит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  14:00 рзы.

Ацеремониа ашьҭахь Ердоҕан акомплекс  Аныткабир аҿы иҟоу Аҭаҭиурк имавзолеиашҟа днеиуеит. Хәылбыҽхан ажәлар ирылеиҳәоит аиҳабыра ҿыц реилазаара.

Реџьеп Таип Ердоҕан Ҭырқәтәыла ахадас деиҭалырхит лаҵара 28 рзы.