Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аредим ҷыдала аус ауеит
Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аредим ҷыдала аус ауеит

Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аредим ҷыдала аус ауеит. Ари атәы аанацҳаит Қырҭҭәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Қырҭтәыла атәылауаа рыҟазаара ҭыԥи, рҭагылазаашьеи, рҭахрақәеи реилкааразы, адипмиссиеи аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ иҟоу атәылауаа аимадара рыбжьоуп.

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара иадҵаалеит шәҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауаа. Урҭ рҟынтә 20-ҩык ахәра цәгьақәа роуит. Иԥшаауп 14-ҩык иӡыз ҳәа иԥхьаӡаз атәылауаа. Урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам. Адгьылҵысраан иҭахеит ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа.