Ҭырқәтәылатә аполициа израильтәи «Моссад» адҵала ашпионаж азы 33-ҩык ааннакылеит
Ҭырқәтәылатә аполициа израильтәи «Моссад» адҵала ашпионаж азы 33-ҩык ааннакылеит

Ҭырқәтәыла аполициа израильтәи “Моссад” адҵала ашпионаж азы 33-ҩык ааннакылеит, – аанацҳаит Ҭырқәтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Али Иерликаиа.

„Сҭамԥылтәи апрокуратура иаҵанакуа аконтртерористтә биурои Амилаҭтә аԥшыхәратә аиҿкаареи имҩаԥырго аоперациа Mole аҳәаақәа ирҭагӡаны, аапровинциак рҿы 57 локациак рҿы ареидқәа мҩаԥаагеит“, – иҳәеит Иерликаиа.

Ҭырқәтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, ахара зду ахаҿқәа хықәкыс ирыман Ҭырқәтәыла атәымтә тәылауаа ридентификациеи, рмониторинги, рықәлареи,рымҵадырсреи.