Ҭырқәтәыла аинформациала, Шьамтәылантә иаартыз аХымца иахҟьаны хҩык ҭахеит, урҭ дреиуоуп ахәыҷы
Ҭырқәтәыла аинформациала, Шьамтәылантә иаартыз аХымца иахҟьаны хҩык ҭахеит, урҭ дреиуоуп ахәыҷы

Ҭырқәтәыла аинформациала, Шьамтәылантә иаартыз ахымца иахҟьаны хҩык ҭахеит, урҭ дреиуоуп ахәыҷы. Ари атәы ааицҳаит Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу.

Аминистр иажәақәа рыла, кәырдцәа ахыхьчаратә гәыԥқәа рылахәылацәа Газианҭеԥ ақалақь еихсит.

Аҭыԥантә напхгара аинформациа ала, ақалақь агаранатаршәга алахысит, аԥхасҭа роуит анхарҭа ҩнқәа.

Ҭырқәтәылатәи аган ишаанацҳаз, иаха Килис ихәит аруаҩки бжьҩы аполициа аусуҩцәеи.