Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара  58ҩык аҟынӡа ишьҭыҵит
Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара  58ҩык аҟынӡа ишьҭыҵит

 

Ҭырқәтәыла аӡхыҵра иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара  58ҩык аҟынӡа ишьҭыҵит, ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Атәыла аҩадатәи арегионқәа   Кастамони, Синопи,  Бартини аӡы рхыҵәеит, убри аҟынтә,  Реџьеп Таип Эрдоҕан абарҭ арегионқәа аҧсабаратә рыцҳара азонас рылеиҳәеит.

Зыӡбахәы ҳәоу арегионқәа ирылгоуп  2000ҩык ауааҧсыра.  300 анхарҭатә пунктқәа лашарада иаанхеит, ацҳақәеи амҩақәеи ахьеилабгаз амшала атранспорт зеиҭаҵуам.