Ҭинатин Берӡенишвили - Жьҭаара  8 инаркны, Актәи аканал аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны,  ахәаҧшцәа идҳарбоит арегби азы  аҳәса рыбжьара Адунеи ахраҿа
Ҭинатин Берӡенишвили - Жьҭаара  8 инаркны, Актәи аканал аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны,  ахәаҧшцәа идҳарбоит арегби азы  аҳәса рыбжьара Адунеи ахраҿа

Жьҭаара  8 инаркны,  Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны, Ауажәларратә дырраҭара ахәаҧшцәа ирыднагалоит арегби азы  аҳәса рыбжьара Адунеи Ахраҿа.

«Актәи аканал аҿы аспорттә сезон инагӡоит, жьҭаара  8 инаркны,  Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны, Ауажәларратә дырраҭара ахәаҧшцәа ирыднагалоит арегби азы  аҳәса рыбжьара Адунеи ахраҿа, уи аҳәсатә спорт аҿиаразы зҵакы дуу хҭысуп  », — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.

Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны Ауаажәларратә дырраҭара ахәаҧшцәа иднарбоит арегби азы аҳәса рыбжьара Адунеи Ахраҿа аартра аматчқәеи  плеи-оффи.

Зыӡбахәы ҳәоу атурнир мҩаҧысуеит   2022 шықәса жьҭаара 8 инаркны 12-нӡа.

Иара убас, Қырҭтәыла Актәи аканал ексклиузивла ахәаҧшцәа ирыднагалоит арегби азы  2023 шықәсатәи Адунеи Ахраҿа.