Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура анапхгаҩы Ҭемур Мӷебришвили ажурналистцәа раиҳәеит аԥшааратә усурақәа ахьынӡамҩаԥырго.
Мӷебришвили иажәақәа рыла, аԥсцәа рыԥшааразы ашанс ахьынӡаҟо, аусурақәа наҳагӡоит.
„Аԥсабаратә рыцҳара азонаҿ аусурақәа рымҩаԥгаразы ишьақәгылоуп аҿҳәара, аха аԥыза-министри Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри рыдҵала, аԥсцәа рыԥшааразы ашанс ахьынӡаҟо, урҭ рыԥсыбаҩқәа рыхәҭа́қәа рыԥшааразы ашанс ахьынӡаҟо, аусурақәа наҳагӡоит“, – иҳәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура анапхгаҩы .