Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ЕАР аҿиара апрограмма анапхгаҩ ҿыц диԥылеит
Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ЕАР аҿиара апрограмма анапхгаҩ ҿыц диԥылеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр  Ҭеа Ахвледиани Қырҭтәыла ЕАР аҿиара апрограмма (UNDP) анапхгаҩ ҿыц Ник Бересфорд диԥылеит.

Аминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аиԥылараҿ аминистр иаҵшьны азгәалҭеит UNDP аҵак ду шамоу аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵареи мчыла еиҩшоу ауааԥсыра рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара апроцесс аҿы. Аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, Аԥснытәи арегион аҟны ЕАР аусзуреи аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рыдгылареи рыцхыраареи хықәкыс имоу апроектқәеи.

Ҭеа Ахвледиани UNDP ахаҭарнак аинаалареи аҽалархәреи рполитика иирдырит, иара убас аинформациа илҭеит “Ашьаҿа еиӷьу аԥеиԥш” азы апрограмма иазкны.