Ҭеа Ахвледиани - Нанҳәа 14 иаҳзеиԥшу атрагедиоуп, убри аҟынтә аҭынчра даҽа альтернативак амам
Ҭеа Ахвледиани - Нанҳәа 14 иаҳзеиԥшу атрагедиоуп, убри аҟынтә аҭынчра даҽа альтернативак амам

Аԥснытәи аибашьра ҟалеижьҭеи 29 шықәса ҵра инамаданы, Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Григол Гиоргаӡеи, Аԥсны автономтә республика аиҳабыра рнапхгаҩы Руслан Абашиӡеи Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз Қарҭ иҟоу афырхацәа рмемориал ахь инеины, ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Ҭеа Ахвледиани лажәақәа рыла, нанҳәа 14 иаҳзеиԥшу атрагедиоуп, убри аҟынтә аҭынчра даҽа альтернативак амам.

” Нанҳәа 14 Қырҭтәыла зегь азы, азҵәацәеи мчыла ихгоу ауааԥсыреи, Қырҭтәыла акзаара иалаӡыз атәылауаа рҭаацәарақәеи рзы идуӡӡоу атрагедиоуп. Ҳфырхацәа рацәаны ҭахеит, урҭ рыхьӡқәа ҳаҭыр рықәаҳҵоит. Ари аԥсуаа ақырҭуааи рзы иаҳзеиԥшу хьаауп, иаҳзеиԥшу атрагедиоуп, абри еиԥш атрагедиа еиҭаҟамлары азы ҭынч мҩала ҳаинаалароуп,” – илҳәеит аҳәынҭминистр.