Ҭеа Ахвледиани - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аалыҵ адәныҟатәи џьармыкьахь анагара ҳацхраауеит
Ҭеа Ахвледиани - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аалыҵ адәныҟатәи џьармыкьахь анагара ҳацхраауеит

Еиҩшоу ауаажәларра реинаалареи рыгәрагара аиҭашьақәыргылареи рзы иприоритетуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит ахәаахәҭра аҿиара, – илҳәеит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр Ҭеа Ахвледиани апарламент аҿы “Аминистр исааҭ” аҳәаақәа ирҭагӡаны данықәгылаз.

Аминистр лажәақәа рыла, ауадаҩрақәа рацәаны ахьыҟаз ашықәс иахәамԥшыкәа, иаԥҵан иуникалу афинанстә механизм “Аҭынчра афонд”. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз агранттә конкурсқәа ирылҵшәаны, Аԥсни Цхинвалии рҟынтә иаашьҭыз 100 иреиҳаны арзаҳалқәа рҟынтә 50 рҟынӡа абизнеспроектқәа аԥара рзужьҭын.

“Еиҩшоу ауаажәларра реинаалареи рыгәрагара аиҭашьақәыргылареи рзы иприоритетуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит ахәаахәҭра аҿиара. Иабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ЕАШ-и, Германтәылеи, Британиа дуи, Швеицариеи реиҳабырақә атехниктәи афинанстәи адгылара рзы.

Иаауа ашықәс азы ҳпланқәа ирылоуп ахәаахәҭра адгылара. DCFTA аҳәаақәа ирҭагӡаны импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аалыҵ адәныҟатәи џьармыкьахь анагара ҳацхраауеит,” – илҳәеит аҳәынҭминистр.