Ҭеа Ахвледиани – Еиҟәшоу ауаажәлар рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы аусура хацнаркит «Иреиӷьу аԥеиԥш азы аҭынчратә фонд»
Ҭеа Ахвледиани – Еиҟәшоу ауаажәлар рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы аусура хацнаркит «Иреиӷьу аԥеиԥш азы аҭынчратә фонд»

Аҭынчратә ашьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа афинанстә механизм «Иреиӷьу аԥеиԥш азы аҭынчратә фонд» аусура хацнаркит, апандемиа иахәамԥшыкуа, иманшәаланы актәи агранттә конкурс мҩаԥган – илҳәеит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭҟарратә министр Ҭеа Ахвледиани.

Аминистр лажәақәа рыла, Еиҟәшоу ауаажәлар рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы зеԥшҟамлац 14 абизнеспроектқәа алхуп, урҭ рфинансркра иаауа ашықәс азы ҳалагоит.