Ҭамар Талиашвили – Ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аурыс сектор аиҭашьқәыргылара иазку аинформациа ииашам, апарламенттә комитет аҿы ари азҵаара иалацәажәомызт
Ҭамар Талиашвили – Ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аурыс сектор аиҭашьқәыргылара иазку аинформациа ииашам, апарламенттә комитет аҿы ари азҵаара иалацәажәомызт

Ҳәарада, мцуп, адезинформациоуп, хықәкылатәи провокациоуп, — илҳәеит Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу Аҵареи аҵарадырреи рзы акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Талиашвили апарламенттә комитет аҿы аҵараиурҭақәа рҿы аурыс сектор аиҭашьәақәыргылара иазку азҵаара иалацәажәозшәа аларҵәара зауз аинформациа данахцәажәоз.

Талиашвили асоциалтә аҳаҿы ишылҩыз ала, апарламенттә комитет аҿы ари азҵаара зынӡаскгьы иалацәажәомызт, абри аҩыза аинформациа алазырҵәо ауааҧсыра хықәкыла апровокациа иаҿуп.