Жәабран инаркны жәларбжьаратәи аҧыррақәа рзы аҧкрақәа зегьы иаҧыхзаауеит
Жәабран инаркны жәларбжьаратәи аҧыррақәа рзы аҧкрақәа зегьы иаҧыхзаауеит

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава лҳәамҭала, жәабран инаркны жәларбжьаратәи аҧыррақәа зегьы рзы аҧкрақәа раҧыхра ргәы иҭоуп. Лара ари аҳәамҭа ҟалҵеит  2020 шықәсазы лусбарҭа имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырба анцәырылгоз.

Лара лажәақәа рыла,  антикризистә цхыраара абзоурала, аекономикатә активра аганахьала атенденциа бзиа иаҟоуп. Иара убас, Турнава  аишазгәалҭаз ала, акоронавирус апандемиа шыҟоугьы, аинфраструктуратә проектқәа зегьы қәҿиарала инагӡоит.

«Қәҭешьи Баҭыми жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа рырҭбаара апроцесс ахыркәшаранӡа инеихьеит. Жәабран инаркны жәларбжьаратәи аҧыррақәа зегьы рзы аҧкрақәа раҧыхра ҳгәы иҭоуп.  Ҳасасцәагьы ҳтәылауаагьы ирҿыцу аинфраструктура рхы иадырхәар рылшоит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.