Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава лнапынҵақәа шьҭалҵароуп, лара Амилаҭтә банк ахьыҧшымра лзылымхьчеит
Саломе Зурабишвили -  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава лнапынҵақәа шьҭалҵароуп, лара Амилаҭтә банк ахьыҧшымра лзылымхьчеит

«Наҭиа Турнвала лкандидатура ақәыргылара  сахьхәоит, уи азы аҭамзаара шьҭасҵоит, иахьа лареи сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟан, аха, ари аиҧылара ихлырҧеит, иахьа ҳаиқәшәазҭгьы,  наҟ-наҟ иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирызкны хымҧада сгәаанагара ласҳәон», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.

Зурабишвили лгәаанагарала, Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа рынагӡаҩ Амилаҭтә банк ақәмақарра дақәныҟәар ҟалом. Зурабишвили ишылҳәаз ала, Амилаҭтә банк ахьыҧшымра ахьчара злымшаз Наҭиа Турнава лнапынҵақәа шьҭалҵароуп.

«Қырҭтәыла Амилаҭтә банк атәыла афинанстә ҭышәынтәалареи аекономикатә ҭышәынтәалареи  еиқәзыршәо ахадаратә институтқәа иреиуп, ҳара ҳазынтәгьы уи аадыруеит. Амилаҭтә банк аусура шьаҭас иамоу апринципқәа иреиуп абанк ахьыҧшымра. Уигьы аадыруеит. Ари апринцип ихьчоуп Аконституциа  68-тәи ахәҭаҷ ала. Убри аҟынтә, хаҭала сара, атәыла ахадеи Аконституциа ахьчара ахәдықәҵаҩи лаҳасабала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахьыҧшымра ахьчара исуалуп ҳәа исыҧхьаӡоит.

Сара иқәсыргылаз акандидатура, Наҭиа Турнава, иласҳәар сҭахуп сара ари аӡбара сшахьхәо, уи азыҳәан аҭамзаара шьҭасҵоит. Иахьа лареи сареи ҳаиқәшәараны ҳаҟан, аха, ари аиҧылара ихлырҧеит, иахьа ҳаиқәшәазҭгьы,  наҟ-наҟ иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирызкны хымҧада сгәаанагара ласҳәон.  Раҧхьа иргыланы,  Амилаҭтә банк ахьыҧшымра ахьчара злымшаз,  уи еиҳангьы, ари апринцип еилазгаз  Наҭиа Турнава лнапынҵақәа шьҭалҵароуп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.

Зурабишвили лажәақәа рыла, Амилаҭтә банк ахеилак алахәылацәа зегьы аколлективтә аӡбара рыдыркылароуп, дара ганкалатәи аӡбара ииашам ҳәа аарыцҳароуп, убри ала Амилаҭтә банк ахьыҧшымра ахьчаразы ареалтә шьаҿа ҟарҵоит.

«Хҩык авице-ахадацәа рнапынҵақәа шышьҭарҵазгьы, уи еиҧш алшара иҟоуп, избанзар, дара рзинмчқәа иҵегьы ҩымз аҿҳәара рымоуп. Абанк ахеилак аусура нанагӡоит, иарбанзаалак аӡбара рыдыркылар рылшоит. Атәыла арепутациа иаҳа ҧырхага амоурц азыҳәан,  зыҧшра ҟамҵакәа абарҭ ашьаҿақәа ҟаҵатәуп.   Иара убас, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа абри зегьы иахырҳәаауа ҳазыҧшуп.

Абри амҩа ииашоуп, убри ала ҳара  ҳазлацәажәо Қырҭтәыла аекономикатәи афинанстәи ҭышәынтәалареи жәларбжьаратәи арепутациеи   ҳахьчар ҳалшоит. Ахатә интересқәа рымшала абри аҩыза аӡбара адкылара аӡәгьы азин имам.  Аамҭакала, хазхаҭалатәи абанктә сектор рпозициа сазыразуп,  абри ауп иахьазы ҳтәыла иаҭаху», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.