Жәабран  8 инаркны Қырҭтәыла амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит
Жәабран  8 инаркны Қырҭтәыла амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит

Жәабран  8 инаркны Қырҭтәыла амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит, — аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

«Ашәахьа, жәабран 8 инаркны, Қырҭтәыла  зехьынџьара,  Қарҭгьы, Қәҭешьгьы, Русҭавигьы  амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагоит, аметрогьы, амаршруткақәагьы. Иара убас, аџьармыкьақәагьы ааҳартуеит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.