Гьаргь Гахариа – Апартиа  "Қырҭтәыла адгыларазы"  Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иадгылом
Гьаргь Гахариа – Апартиа  "Қырҭтәыла адгыларазы"  Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иадгылом

«Апартиа  “Қырҭтәыла адгыларазы”  Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иадгылом», — иҳәеит апартиа  “Қырҭтәыла адгыларазы”  алидер Гьаргь Гахариа.

Гахариа ишиҳәаз ала, атәыла ахада лимпичмент апроцедура алагара атәыла европатәи аҧеиҧш иаҧырхагоуп.

«Қырҭтәыла ахада лимпичмент апроцесс ақырҭуа ауаажәлар рзы аҵакы ду амоуп. Ари ашьаҿа ҳтәыла европатәи аҧеиҧш иаҧырхагоуп. Атәылаҿ арадикализациеи, аиҿагылареи, аполиаризациеи  зырҕәҕәо шьаҿоуп, уи ҳтәыла аҭышәынтәалареи, инеизакны ақырҭуа ҳәынҭқарреи азы шәарҭоуп.  Убри аҟынтә,  апартиа  “Қырҭтәыла адгыларазы”  Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иадгылом.

Насгьы, уажәгьы   «Ақырҭуа гәахәтәы» иалоу, намыс змоу ауаа сразҵаар сҭахуп,  2012 шықәсазы, шәара аиааира аныжәга, Саакашвили иимпичмент азҵаара аӡәгьы иқәимыргылеит, нас, шәгәы ишҧаанаго,   апрезиденттә алхрақәа раан шәареи сареи ҳабжьқәа заҳҭаз  Қырҭтәыла ахада иахьа лимпичмент азҵаара зықәшәыргылои?» — иҳәеит  Гахариа.