Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, лара Михаил Саакашвили иаҳаҭыр лазырҟәо акадрқәа  раларҵәара дақәшаҳаҭым
Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, лара Михаил Саакашвили иаҳаҭыр лазырҟәо акадрқәа  раларҵәара дақәшаҳаҭым

«Абри атәыла ахада лҳасабала, сара ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәо акадрқәа раларҵәара сзақәшаҳаҭхом», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Лара лажәақәа рыла, ҧасатәи ахада ибаандаҩтәра иарбанызаалак атәылазы проблемоуп, Михаил Саакашвили  азакәан аҿаҧхьа ауаа зегьы реиҟарареи аиашареи ашьаҭала дбаандаҩыртәит.

«Атәыла аҩнуҵҟа аума, анҭыҵ аума, аҳәынҭқарра ала иҟаҵоу ашьаҿа цыҧхьаӡа аҳәынҭқарра аинтересқәеи, аҭышәынтәалареи, акзаареи, апрогресси  ирызкызароуп.  Аҳәынҭқарра аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны, ҧасатәи ахада ибаандаҩтәра иадҳәаланы иахьагьы спозициа аасырҧшыроуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҧасатәи ахада ибаандаҩтәра  — иарбанызаалак аҳәынҭқарразы проблема дууп. Аӡбаратә системеи, апенитенциартә маҵзуреи, атәыла анапхгареи, инеизакны ажәлари рзы  аҳасабтә дууп.   Зус ӡбоу ҧасатәи ахада дбаандаҩыртәит азакәан аҿаҧхьа ауаа зегьы реиҟарареи аиашареи ашьаҭала.

Ҳара ҳазынтәгьы азакән аҿаҧхьа ҳаиҟароуп, убри аҟынтә, ҧасатәи ахадагьы азакәан аиҳаӡара апринцип ашьаҭала дбаандаҩыртәит. Иара уи ибзиаҵәҟьаны еиликаауан, аха, уезгьы, дааит, насгьы, маӡала, закәандарала. Азакәан аҿаҧхьа ауаа зегьы еиҟароуп. Аха, азыӡба анагӡара аангьы аҭакра аангьы ҧасатәи ахада  абжьааҧнытә бандаҩыс дзыҟалом. Иара дбаандаҩы ҷыдоуп, избанзар,  ҳажәларгьы  жәларбжьаратәи ауаажәларрагьы  иҭагылазаашьа иацклаҧшуеит, иҳаракӡоу астандартқәа рықәныҟәара иаҳәоит.  Иара изныҟәашьеи, иаҳаҭыри игәабзиареи ишәарҭадареи ахьчареи ала ҳҳәынҭқарра ахаҿы ааҳарҧшуеит. Убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны,  иашьашәалоу аусбарҭақәа рҟынтә игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны   еиҧҟьарада аинформациа наӡа соуеит.

Атәыла анапхгареи ажәлари рахь ааҧхьара ҟаҵаны, зҵакы дуу абри азҵаара иадҳәаланы сгәаанагара сҳәар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, ҧасатәи ахада иаҳаҭыр аларҟәра ҟалом, избанзар, иара аҳәынҭқарра дадҳәалоуп, ари астатус ҳаҭыр ақәҵатәуп. Атәыла ахада лҳасабала, сара иаҳаҭыр лазырҟәо акадрқәа раларҵәара сақәшаҳаҭым», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.