Русҭавтәи абахҭа аҧхьа Михаил Саакашвили идгыларазы акциа мҩаҧысит
Русҭавтәи абахҭа аҧхьа Михаил Саакашвили идгыларазы акциа мҩаҧысит

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили дахьҭаку русҭавтәи абахҭа аҧхьа акциа мҩаҧысит.

Акциа еиҿызкааз  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа иҳәамҭала, Михаил Саакашвили излауа ала ирласны абахҭа дҭыҵроуп, избанзар уи атәыла аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп.

«Михаила Саакашвили игәабзиара ҕәҕәоуп, иара дыхьчазаауеит. Иара хықәкыла абри ашьаҿа ҟаиҵеит, шәнызқьҩыла ауааҧсыра рпроблемақәа рыӡбареи ҳтәыла европатәи аҭаацәра ду ашҟа архынҳәреи азыҳәан ауп абри ашьаҿа зыҟаиҵаз.  Жьҭаара 30 рзы имҩаҧысуа алхрақәа аҵакы ду рымоуп. Абри амш азы иӡбахоит ҳтәыла ҳаҧхьаҟагьы аҿиара нанагӡоу, мамазарагьы Урыстәылатәи афедерациа провициас ҳҟалоу. Жьҭаара  30 рзы иӡбахоит Михаил Саакашвили уажәы дахьыҟоу абахҭаҿы кыршықәса атәара иқәшәоу иқәымшәоу. Шәааи иҳаӡбап, жьҭаара 30 рзы ақәҧара ҳахәҭоу иҳахәҭаму. Абри ауп аиаша», — иҳәеит Ника Мелиа Михаил Саакашвили идгыларазы Русҭави имҩаҧгаз акциаҿы.