Роб Портман – Қырҭтәыла  - Америка изықәгәыҕуа партниоруп, уи ҳара ҳҟынтә ацхыраара аҭахуп
Роб Портман – Қырҭтәыла  - Америка изықәгәыҕуа партниоруп, уи ҳара ҳҟынтә ацхыраара аҭахуп

Қырҭтәыла  – Америка изықәгәыҕуа партниоруп, уи ҳара ҳҟынтә ацхыраара аҭахуп, — иануп  Wall Street Journal  аҿы икьыҧхьу, асенатор Роб Портман истатиаҿы.

Астатиаҿы асенатор ишиҩуа ала, Мрагыларатә Европа даныҟаз, лабҿаба ибеит Урыстәыла адемократиа қәыҧшқәа ишырҿагыло.

Роб  Портмана иҳәамҭала, Урыстәыла,  азакәандаратә  аннексиа  ала, Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара нанагӡоит.

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы сареи гәыҧҩык асенаторцәеи Мрагыларатә Европа ҳаҟан. Украинеи, Литвеи, Қырҭтәылеи рлидерцәа ҳарҧылеит.  Абарҭ ҧасатәи асоветтә республикақәа Америка изықәгәыҕша партниорцәас иҟалеит, дара ҳацхыраара рҭахуп. Сызлацәажәо авизит аан лабҿаба иаабеит  Урыстәыла адемократиатә қәыҧшқәа рхәаҽра ишаҿу, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит.  Урыстәыла,  азакәандаратә  аннексиа  ала, Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара нанагӡоит», — иҩит Роб Портман.