Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалоуп
Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалоуп

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалоуп, аха макьана аҽырҭынчра ҟалом.

Гамҟрелиӡе даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит арегулиациақәа зегьы хымҧада ишынагӡатәу, асабрадақәа рныҟәгарагьы налаҵаны.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, асабрадақәа рныҟәгара арбага  75 наӡына аҟынтә  95  наӡынанӡа иазҳар,  лаҵаранӡанӡа аҧсҭбареи авирус аҿкаареи арбагақәа лаҟәхоит.