Ҧхынҷкәын 31 инаркны Шәамахьтәыла аҭырқәа тауарқәа рекспорт азы ақәиҭымтәра шьақәыргылазаауеит
Ҧхынҷкәын 31 инаркны Шәамахьтәыла аҭырқәа тауарқәа рекспорт азы ақәиҭымтәра шьақәыргылазаауеит

Ҧхынҷкәын 31 инаркны Шәамахьтәыла аҭырқәа тауарқәа рекспорт азы ақәиҭымтәра шьақәыргылазаауеит.

Ашәамахь информациатә агентра  News.am адыррақәа рыла, ари аинформациа аланарҵәеит Шәамахьтәыла аҳәынҭқарратә хашәалахә акомитет.

Шәамахьтәыла анапхгара ари аӡбара рыдыркылеит  2020 шықәса жьҭааразы. Аӡбара фымз амч амазаауеит. Акомитет адыррақәа рыла,   ҧхынҷкәын 31нӡа иашьашәалоу ахазалтә процедурақәа зегьы иахысуа аимпорттә тауарқәа зыӡбахәы ҳәоу ақәиҭымтәра рыдкьыслом.