Ника Мелиа  -  Алхыҩцәа изларасҳәари ҳтәылаҿы иҟоуАмерика ацҳаражәҳәаҩ адемократиа лыхьчоит ҳәа лара лҟынтә исаҳараны иҟоу абжьы смаҳауазар
Ника Мелиа  -  Алхыҩцәа изларасҳәари ҳтәылаҿы иҟоуАмерика ацҳаражәҳәаҩ адемократиа лыхьчоит ҳәа лара лҟынтә исаҳараны иҟоу абжьы смаҳауазар

«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Ника Мелиа ишиҳәаз ала, иареи даҽа ҧыҭҩыки рзы аӡбаратә процесс еиҭалагеит, уи машәырла акәӡам ишыҟалаз.

Мелиа ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра абаандаҩтәра иацәшәом.

Ника Мелиа ишазгәеиҭаз ала, абри зегьы мҩаҧысуеит ацҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаара ала аиҿцәажәрақәа анымҩаҧысуа аамҭазы.

Ника Мелиа ари аҭагылазаашьа иадҳәаланы ацҳаражәҳаҩцәа рпозициа дазыҧшуп.

«Ацҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаара ала аиҿцәажәарақәа анымҩаҧысуа аамҭазы атәыла анапхгара аӡбаратә процесс еиҭалагозар, уи машәырла акәӡам ишыҟало.    Америка ма Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ари афакт иадҳәаланы рпозици рҳәароуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Ажәлар реиҳара, иҳәынҭқарратәым асектор, аполитикатә оппозициатә партиақәа, ауааҧсыра зегьы  лабҿаба ирбозар атәылаҿы алхрақәа шымҩаҧгаз, арҭ алхрақәа шҧаршеиз,  зхы иақәиҭу АИХ ишрықәыҕәҕәо, ауаа шбаандаҩыртәуа, ацҳаражәҳәаҩк идымхаргьы, аӡәгьы абри имбозар, сара срықәшаҳаҭым,  абри аҩыза ацҳаражәҳәаҩ ҳтәыла дацхраауеит ҳәа сгәыҕуам.

Дарбанзаалак, ацҳаражәҳәаҩ  мраҭашәаратә принципқәеи ажәа ахақәиҭреи  рыхьчара иҽазиимкыр, нас, иара дызлаҳадгылои? Алхыҩцәа изларасҳәари ҳтәылаҿы иҟоуАмерика ацҳаражәҳәаҩ адемократиа лыхьчоит ҳәа лара лҟынтә исаҳараны иҟоу абжьы смаҳауазар.

Аоппозициа аҭыҧқәа  ракәӡам ҳаззықәҧо, ҳара алхрақәа рыла анапхгара  ҳаҧсахыр ҳҭахуп. Ҳара Урыстәыла ҳаиҧшзаар ҳҭахым.  Аха Америка ацҳаражәҳәаҩ абри амҩа ҳанылҵар шылҭаху анызбо, сара уи сзақәшаҳаҭхом. Ауаа ираҳҳәои? Убри ҳазхәыцроуп, ҳтәылаҿы астратегиатә партнорцәа рхаҭарнакцәа абри азҵааразы ҳрацәажәароуп», —  иҳәеит Ника Мелиа  «Мҭавари архи» аефир аҿы.