Молдова  иалху ахада Маиа Санду атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара даҳәеит
Молдова  иалху ахада Маиа Санду атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара даҳәеит

 

Молдова аҳҭнықалақь Кишиниов апротесттә акциа мҩаҧысит. Акциа алахәылацәа аиҳабыра рамхреи изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәеит.

Амитинг аҿы дықәгылеит Молдова  иалху ахада Маиа Санду. Лара ишылҳәаз ала, атәылаҿы аиҳабыра ҿыц иҟазароуп, убри азыҳәан изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгатәуп.

Санду уажтәи ахада Игор Додон амчра ампыҵакра ихаралҵеит.